Location via proxy:   [ UP ]  
[Report a bug]   [Manage cookies]                

Қырҭтәыла[1][2] (ақырҭ. საქართველო) – Кавказ мрагылара аган ахь ала иҟоу атәыла. Аладаҿы Қырҭтәылеи Ермантәылеи, Азербаиџьани, аҩада-мраҭашәараҿы - Қырҭтәылеи Урыстәылеи аҳәаақәа иамоуп.

Аҳәынҭқарра
Қырҭтәыла
საქართველო
Адевиз: «ძალა ერთობაშია»
Карта
Агеографиа
Аҳҭнықалақь Қарҭ
Ақәӡара 69 700 км²
Еиҳаӡоу аҭыԥ Шхара
Асааҭтә зона UTC+4:00 Грузинское время
Акоординатқәа 42° ҩ. ҭ., 44° мг. н.
Аиужьратә дыррақәа OSM
Ауааԥсыра
Ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 3 717 100 ҩык
Ауааԥсыра рыжәпара 53,3 ҩык / км²
АҾИ 0,802
Аофициалтә бызшәақәа Ақырҭуа бызшәа,
Аԥсуа бызшәа
Администрациа
Аҳәынҭқарратә шьақәгылашьа апрезидентбжатә республика,
иаку аҳәынҭқарра,
апарламентартә республика,
ареспублика
Ашьақәгылара 1008 ш.,
жәабранмза 25, 1921 ш.,
ԥхынҷкәынмза 25, 1991 ш.,
лаҵарамза 26, 1918 ш.
Апрезидент Саломе Зурабишвили
Аԥыза-министр Ираклий Кобахидзе
Авалиута грузинский лари
Жәларбжьаратәи аидентификациа
ISO 3166-1 268 GEO GE
Автомобильтә код GE
Ателефон код +995
Адомен .ge, .გე

Аҳәынҭқарратә символика

Абираҟ

 
ხუთჯვრიანი დროშა
Хә-џьартәи абираҟ

Қырҭтәыла абираҟ араӡны фонаҿ (афон шкәакәаҿ) иарбоуп идуу аџьар ҟаԥшьи, ԥшь-џьар хәыҷыки. Ари, зегьеицырзеиԥшу иқьырсиану асимволқәа - ҳазшаз Анцәеи ԥшь-ҩырацқьаки ауп иаанаго. Аџьар агеральдикатә дырганы раԥхьаӡаа ицәырҵит 1099 шықәсазы, аџьарныҟәгаҩ Жофруа де Буилон игерб аҿы. Убри аамҭа инаркны ари агеральдикатә дырга Анцәа инышәынҭреи, ақьырсианра ацентр Иерусалими ауп иаанаго. Ари агерб хы-хьӡык амоуп: Жофруа де Буилон игерб, Иерусалимтәи агерб, Адырга цқьа.

Араӡны (ашкәакәа) агеральдикаҿ ацқьара, ахшыҩ ду ауп иаанаго, аҟаԥшь - афырхаҵара, аӷьеҩра, аиашара, абзиабара. Анџьелино Дульчери иаԥиҵаз аҳәаақәа рыхсаалаҿ - портулан аҿы (1339 ш.), Франческо ди Лапоччои Доменико ди Бонинсеньеи амшынтә рыхсаалаҿ (1367ш.), Сидер амшынтә ихсаалаҿ (1565 ш.) Қырҭтәыла атерриториа абри абираҟ ала иазгәаҭан.

Агерб

 
ძალა ერთობაშია

Акзаара ауп амч змоу

Агерб ду

Ахәҭаҟаԥшь аҿы ахьтәы ореол змоу, ахьтәы џьар змоу араӡны ԥса зку, иҽыжәу Гьаргь ацқьа араӡны гәылшьап ишьуеит: асаԥар ақырҭуа (ивериатәи) агәыргьын ала ирԥшӡоуп: асаԥар ныҟәгаҩцәаны ҩ-хьтәы лымык иарбоуп: асаԥар шьаҭас иамоуп астилизациа зызу аӡахәа ақырҭуа орнаменти, адевиз зну абанти; иҟаԥшьу-ишкәакәоу абант мхедрули анбан ала адевиз ануп: Акзаара ауп амч змоу.

Агерб хәыҷы

 
მცირე გერბი

Агерб хәыҷы

Ахәҭаҟаԥшь аҿы ахьтәы ореол змоу, ахьтәы џьар змоу араӡны ԥса зку, иҽыжәу Гьаргь ацқьа араӡны гәылшьап ишьуеит;


Гьаргь ацқьа


Иқьырсиану адунеи аҿы Гьаргь ацқьа пату иқәырҵоит. Адиниашахаҵаҩцәа мацара ракәымкәа, ақьырсианцәа зегьы бзиа дырбоит. Уи адагьы, аԥсылманцәа рышәҟәы цқьа, Аҟәырҟан аҿгьы Гьаргь ацқьа иӡбахә ҳәоуп.Гьаргь ацқьа иқьырсиану адунеи аҿы Ҳазшаз Анцәа ду ир рԥызас, аарцәтәи адунеи афырхацәа рхылаԥшхәыс, ауаҩытәыҩса ихылаԥшхәыс, агәаҟра иҭагылоу ауаа рыцхырааҩыс дрыԥхьаӡоит.

Ацәгьа иаҿагыло, аҵабырги аиааиреи рсимвол, арашь шкәакәа иақәтәо Гьаргь ацқьа, ақырҭуаа рзы дҿырԥшыганы дҟалеит. Жәытәнатә аахыс Гьаргьт ацқьа ақырҭуаа рхылаԥшхәыс дрыԥхьаӡоит. "Қарҭлис цховреба" ("Қарҭли аԥсҭазаара") ишану еиԥш, Дидгортәи аидыслараан Гьаргь ацқьа ақырҭуа ар дырхагылан. Ари иабзоураны, уамашәа иубаратәы иҟам Қырҭтәылаҿ Гьаргь ацқьа ихьӡ зху 365 уахәамак ахьдыргылаз. Аиашахаҵаратә ақырҭуа уахәама Гьаргь имшныҳәа шықәсык ала ҩынтә иазгәанаҭоит.

Иване Џьавахишвили ("Ақырҭуа милаҭ рҭоурых", ашәҟәы I) ишызгәеиҭо еиԥш, ақырҭуа ихшыҩ аҿы анцәахәқәа рыбжьара "зегь реиҳа ихадоу аҭыԥ ааникылоит Гьаргь ацқьа". Ақырҭуа жәлар Гьаргь иныҳәақәа шықәсык ала изныкымкәа иазгәарҭоит. Иазгәаҭатәуп жәлар рныҳәақәа: Хевсуреҭи аҟны Хахмаҭтәи аџьари, Гудантәи аџьари, Санебатәи аџьари, Ԥшави аҟны Лашартәи аџьари, Мҭиулеҭи аҟны Ломистәи аџьари уб. егь. Гергисоба, Усанеҭоба, Арбоба ақырҭуа жәлар ррелигиатә ныҳәақәоуп, урҭ Гьаргь ацқьа ихьӡ иадҳәалоуп.

Гьыргәал Ԥераӡе идыррақәа рыла, 1180 шықәсазы, Жак де Витр, Иерусалимтәи апатриарх иҩуан: "Мрагылараҿ даҽа иқьырсиану жәларык иҟоуп, урҭ аибашьраҿ, аидыслараҿ ифырхацәоуп, иӷәӷәоуп. Аибашьцәа рацәаны ирымуоп. Арҭ ауаа георгиан ҳәа ирышьҭоуп, избан акәзар Гьаргь ацқьа патуқәҵарала изныҟәоит, аӷацәа рабашьраан рхылаԥшхәыс дрыԥхьаӡоит, егьырҭ ацқьацәа рацкьыс иаҳа пату иқәырҵоит." Иџьшьатәым, адунеи аиҳарак аҿы иахьагьы жоржианцәа, џьорџьианцәа ма георгианцәа ҳәа иахьҳашьҭоу.

Агерб асаԥар аҿы Қырҭтәыла асимвол еиԥш Гьаргь ацқьа исахьа раԥхьаӡа иаҳԥылоит 1672 шықәсазы Урыстәыла иҭыжьыз "Атитулиари", Вахушти Багратиони 1735 шықәсазтәи иусумҭеи рҿы. Агерб асаԥар ахәҭаҟаԥшь аҿы Гьаргь ацқьа исахьа, Қырҭтәыла ауаажәлар рзы ари афигура ахадара ду шамоу иазгәанаҭоит.

Агимн

Ақырҭшәа Аԥсшәа
„თავისუფლება“

ჩემი ხატია სამშობლო,
სახატე მთელი ქვეყანა,
განათებული მთა-ბარი,
წილნაყარია ღმერთთანა.

თავისუფლება დღეს ჩვენი
მომავალს უმღერს დიდებას,
ცისკრის ვარსკვლავი ამოდის
ამოდის და ორ ზღვას შუა ბრწყინდება.

დიდება თავისუფლებას,
თავისუფლებას დიდება!

«Ахaқәиҭрa»

Ашәа азаҳҳәоит ҳныха, ҳаԥсадгьыл
Иҳазгәакьоу, иԥшьоу ҳтәыла.
Мрала ирлашоуп ҳа ҳадгьыл,
Уи азоуп изахьӡу амратәыла.

Иахьа иҳамоу ахақәиҭра
Ашәа азаҳҳәоит гәырӷьа бжьыла
Аеҵәа ҩ-мшынк рыбжьара
Икаԥхоит Анцәа имч ала.

Иныҳәазааит ахақәиҭра,
Ахақәиҭра амч-алша!

Ажәеинраала: Дауҭ Маӷраӡе
Амузыка: Зақариа Ԥалиашвили
Аус адиулеит: Иосеб Кеҷаҟмаӡе
Еиҭалгеит: Есма Кокосқьыр-ԥҳа
(Ақырҭуа-Аԥсуа Еизыҟазаашьақәа ринститут).

Адгьылхҩылаара

 
Атопографиатә хсаала

Ашьхатә системеи аҳаракырақәеи Қырҭтәыла атерриториа 80% ааныркылоит. Қырҭтәыла адгьылхҩылааратә лагылазаара 40'еи 47' мрагыларатә аҭбаареи, 41'еи 44' аҩадатә ауреи рыбжьара иҟоуп.

Аҳауа

Мрагыларатә Қырҭтәылаҟны хбарроуп, аҳауа иконтиненталуп, аԥхын ԥхарроуп, аӡынра иаҩцацәам, мраҭашәаратә Қырҭтәылаҟны, Амшын еиқәа агаҿы иԥхоу, асубтропикатә ҳауа ыҟоуп.

Афлореи афаунеи

Қырҭтәыла атерриториа шыхәыҷугьы, араҟа зеиԥшыҟам афлора ыҟоуп. Ари зегьы иҳәаақәҵоуп атәыла адгьылхҩылааратәи аҳауатәи лагылазаара ала, убри аҟнытә араҟа аҵиаақәа ҷыдалатәи рыхкқәа уԥыхьашәоит. Мрагыларатәи мраҭашәаратәи Қырҭтәыла афлора еиԥшым. Мрагыларатә Қырҭтәылаҟны хбарроуп, араҟа аԥсарақәа ыҟам, убри аҟнытә ариаҵәареи аҵиааӡареи иаҳа иалкаауп. Мраҭашәаратә Қырҭтәыла абнарацәарала иалукааратә ыҟоуп. Қырҭтәыла афауна Европеи, Ацентртә Азиеи Африкеи афауна аелементқәа алоуп. Қырҭтәылаҟны шәкыла хшыла ичо ахкқәа ыҟоуп, иара убас, 330 хкы аԥсаатәқәеи, 48 хкы арептилиақәаеи 11 амфибиақәеи 160 аԥсыӡхкқәеи. Қырҭтәыла ҩ-континентк, Европеи Азиеи ирыԥнуп. Ақырҭуа цивилизациа аԥҵареи ашьақәыргылареи рзы анырра рыман мрагыларатәи мраҭашәаратәи акультурақәа. Аԥстәқәа рдунеи абеиара, аҳауа ԥха, ҽаҩраазышьҭуа адгьыл, аԥсабаратә ресурсқәа рырацәара - ақырҭуа жәлар абри зегьы рхы иархәаны, ақыҭанхамҩа арҿиара рылшеит.

Идуӡӡоу ақалақьқәа

Қәҭешь (189.7 нызқьҩык), Баҭым (122,2 нызқьҩык), Русҭау (117,9 нызқьҩык), Аҟәа (анхацәа ашәҟәы рҭаҩра мҩыԥымсит), Жәыргьыҭ (72,2 нызқьҩык), Гәар (50,2 нызқьҩык), Ԥаҭ (47,3 нызқьҩык) Ҭелау (20,2 нызқьҩык).

Аетникатә аилазаара: ақырҭцәа - 83,3 %, азербаиџьанцәа - б,5%, ашәамахьцәа - 5,7%, аурысцәа - 1,5%, ауаԥсаа - 0,9%, абырзенцәа - 0,3%, аукраинцәа - 0,2%, аԥсуаа - 0,1%, ауриацәа - 0,1%, егьырҭ - 0,1%.

Қырҭтәылаҟны ақьырсианра аларҵәара аиуит 4-тәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рзы. Ақырҭқәа рҟны ақьырсианра ақадақь луан Нино цқьа (Кабадокиатәи). Уи лныҳәарақәеи лылԥхеи рыла аҳԥҳәыс Нана дылхәшәтәит, иара убас, аҳ Мириан деиқәлырхеит. Ашьахәынҵа инақәырԥшны, аҳ Мириан шәарацаара дшыҟаз, иаалырҟьаны илашьцарахеит, аҳ Нино цқьа лыхьӡала дныҳәан, иаразнак илашарахеит. Убри аамышьҭахь, ақьырсианра аҳәынҭқарратә адинуп ҳәа алаҳәара ҟарҵеит. Мцхеҭа зеиԥшыҟамыз аныхабааш ду дыргылеит. Ақырҭуа ортодоқсалтә ақьырсиантә (аиашахаҵаратә) џьар ҷыдалатәи аформа амоуп. Уи Нино цқьа лџьар ҳәа ахьӡырҵеит, Нино аӡахәа амахәқәеи, иԥаны иҟаз лыхцәи ирылхны аџьар ҟалҵеит. Лџьар ала Қырҭтәыла еиқәлырхеит. Ақьырсианранӡа Қырҭтәылаҟны амцнцәахаҵара акәын иҟаз, амцнцәақәа ирымҵаныҳәон. Аҳ Вахтанг I Горгасал архимандрит иаҭәеишьеит акаталикос ихьӡ. Абас ала ишьақәгылеит Ибериатәи ауахәама автокефалиа. Ажәытә ажәабжь инақәырԥшны, Қырҭтәылаҟны ақьырсианра ақадақь руан ацҳаражәҳәаҩцәа: Андреи, Симон Андреи. Симон Кананити, Варфоломеи. Ақырҭуа ақьырсиантә уахәама иаԥҵахеит 4-тәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рзы. Убасҟан ауп ақьырсианра аҳәынҭқарратә динны ианаарыцҳа. Қарҭли раԥхьатәи аҷҟәандартә кафедра ишьаҭакхеит аҳра аҳҭнықалақь Мцхеҭаҟны, Қарҭли ауахәама аԥхьагылаҩ аҷҟәандар хада ихьӡ ныҟәигон. М ашәышықәсанӡа ақырҭуа ақьырсиантә уахәама, аиерархиала, зны Константинополь, нас - Антиохиа апатриархиақәа рхылаԥшра аҵаҟа иҟан.

466 -468 шықәсқәа рзы, Вахтанг Горгасали ихаан, Қарҭли аамҭакала ишьаҭакхеит 12 аҷҟәандартә кафедрақәа, ауахәама аԥхьагылаҩ акаталикос ихьӡ иоуит. Убри нахыс, ақырҭуа уахәама ахатә автокефалиа аман. VI ашәышықәсазы ақьырсианра ашьақәырӷәӷәараҿы рылагала дууп Ассириатәи абацәа.

XI ашәышықәсазы Қырҭтәылаҟны ишьаҭакхеит адунеи зегьы аҟны афбатәи апатриархиа, аха Дауҭ IV Аргылаҩ ихаан ақырҭуа уахәама аҳәынҭқарра ахылаԥшра аҵаҟа иҟалеит, ауахәама иахылаԥшуан мҵигнобартухуцеси - ҷҟондидели. Ақьырсиантә уахәама ароль ду нанагӡеит Қырҭтәылаҟны аҩра-аԥхьара аларҵәара апроцесс аҟны, ауахәама-аберҭыԥқәа рҟны ашколқәеи академиақәеи ыҟан (Гелаҭи, Иҟалҭо), уаҟа абер-маҵуҩцәа аҵара аус иазыҳаҵҳаҵуан, урҭ ҳагеографиатә литература зҵак дуу аусумҭақәа иаԥырҵеит.

Қырҭтәыла Урыстәыла адҵара аамышьҭахь ақырҭуа ақьырсиантә уахәама автокефалиа иаԥырхын. Иара убас иаԥырхит акаталикосҽпатриарх иҭыԥгьы. Ақырҭуа уахәама аурыс синод анапаҵаҟа иҟалеит. 1852-69 шықәсқәа рзы ауахәаматә мазара ахазына иарҭан, адоуҳаныҟәгаҩцәа аулафаху рзышьақәдыргылеит. 1917 шықәса хәажәкыра 12 (25) рзы адоуҳаныҟәгаҩцәа автокефалиа еиҭашьәақәдыргылан, цәыббразы акаталикосҽпатриарх далырхит. 1978 шықәсазы Қырҭтәыла акаталикосҽпатриархны далырхит Илиа аҩбатәи. Уи иныҳәарала Қырҭтәылаҟны иакымкәа ауахәамақәеи аныҳәарҭақәеи еиҭашьақәыргылан, имаҷымкәа аҿыцқәагьы дыргылеит. Хымԥада иазгәаҭатәуп Самеба акафедралтә уахәама, уи адунеи аҟны зегь реиҳа идуу аберҭыԥтә комплеқсқәа ируакуп. Аҳаракыра 83 метрак иаҟароуп, уи атерриториаҟны 12 уахәамақәеи аныҳәарҭақәеи аусура иалагоит.


Административ-территориалтә шара

Араионқәа

Қьада, Қобулеҭ, Шьуахьау, Хьалуачаур, Хәыло, Жәыргьыҭ, Хәаб, Ҵаленџьыха, Чхәароҵҟәы, Санакь, Абашьа, Мартәыл, Местиа, Уажәыргьаҭ, Ланчхәыҭ, Чохатаур, Тҟибул, Ҵҟалтубо, Ҷиаҭура, Баӷдад, Ван, Зесҭаԥон, Ҭерџьола, Самтредиа, Сачхере, Харагаул, Хәан, Ахмета, Гәырџьаан, Дедоԥлис-Ҵҟаро, Ҭелау, Лагодехь, Сагареџьо, Сиӷнаӷь, Ҟәарел, Душьеҭ, Ҭианеҭ, Мцхеҭа, Ҟазбақь, Амбролаур, Уан, Цагер, Лентех, Адыгьан, Аспинӡа, Ахалқалақь, Ахалцых, Борџьом, Ниноҵминда, Болнис, Гардабан, Дманис, Марнеул, Ҭеҭри-Ҵҟаро, Ҵалка, Гәар, Касп, Қарел, Хашәыр.

Шәахә. иара убас

Ахьарԥшқәа

  1. Касланӡиа В. А. (аред. Џьонуа Б. Гь.), «Аԥсуа-аурыс жәар», Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет, Аҟәа, 2005
  2. Чрыгба Виачеслав Андреи-иԥа, Аԥсни егьырҭ атәылақәеи ргеографиатә хьыӡқәа ржәар, Москва: Митра, 2022. — ад. 240. 437 ад., ISBN 978-5-6047056-8-1.